Виктор Орбан - Украина ицо аибашьра ма 2025 шықәсазы аҭынчратә еиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит, ма аибашьра иалахәу ганк анырҵәарала ихыкәшоит
Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина ицо аибашьра ма 2025 шықәсазы аҭынчратә еиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит, ма аибашьра иалахәу ганк анырҵәарала ихыкәшоит.
Ари аҳәамҭа Орбан венгриатәи акьыԥхьк аиҭаз аинтервиу аҿы ҟаиҵеит.
«Аибашьра 2025 шықәсазы ихыркәшархоит. Уи ахыркәшара аҭынчратә аиҿцәажёрала ма ганк анырҵәарала ҟалоит», – иҳәеит заявил Орбан.