Виктор Орбан – Украина арратә ҽазышәарақәа аҧара рзоушьҭра - Европа арбгара ахылҵуеит
Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан ишиҳәаз ала, Украина арратә ҽазышәарақәа аҧара рзоушьҭра – Европа арбгара ахылҵуеит.
Орбан иажәақәа рыла, Евроеидгыла Украина арратә ҽазышәарақәа аҧара рзоушьҭра алшара амам.
«Раҧхьа иргыланы, европаа украинатә ар ахьчаразы аҧара рырҭар рҭахуп. Аҩбатәи – Украина, аҳәынҭқарра аҳасабала аус ауам, убри аҟынтә, уи аҧара азоушьҭра аҭахуп. Ахҧатәи – ҳара ҳхазы иаҳа ирацәаны аҧара аныхра ҳаӡбеит, избанзар, ҳбџьармчқәа ҧсыҽуп, иҳазхаша абџьар ҳамам, Европа ирҕәҕәатәуп. Насгьы, Евроеидгылахь Украина алалара азҵаарагьы иҟоуп, уигьы аҧара аҭахуп. Инеизакны иаҳҳәозар, Европа абри аҟара аҧара амам, Америкагьы иамамзар ҟалап», — иҳәеит Орбан.
Европатәи алидерцәа ахыхьчаразы ахарџьқәа реизырҳара аплан иадгылеит.