Виктор Орбан – Алибералцәа аиааира анырго, Бриуссель  -  адемократиа иҟоуп ҳәа рҳәоит, аконсерваторцәа аиааира анырго, усҟан адемократиа иҟамзаап, уи сериозла шәамыхәаҧшын, абжьааҧнытә усуп
Виктор Орбан – Алибералцәа аиааира анырго, Бриуссель  -  адемократиа иҟоуп ҳәа рҳәоит, аконсерваторцәа аиааира анырго, усҟан адемократиа иҟамзаап, уи сериозла шәамыхәаҧшын, абжьааҧнытә усуп

Алибералцәа аиааира анырго, Бриуссель – адемократиа иҟоуп ҳәа рҳәоит, аконсерваторцәа аиааира анырго, усҟан адемократиа иҟамзаап, уи сериозла шәамыхәаҧшын, абжьааҧнытә усуп, – иҳәеит Евроеидгыла ахеилак аҿы ахантәаҩра змоу атәыла, Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Орбан иҳәамҭала, Қырҭтәыла зхы иақәиҭыз, адемократиатә алхрақәа мҩаҧган.

„Аимакқәа рацәа рҿы аиааира згахьоу Венгриа аҧыза-министр иаҳасабала, ишәасҳәар сҭахуп наҟ-наҟгьы аимакқәа шыҟало, анеҩстәи амшқәа рзгьы, аха, уи абжьааҧнытә усуп, уи уаанӡа  шәшазныҟәоз еиҧшҵәҟьа шәахәаҧшроуп. Алхрақәа рылҵшәақәа ииашоуп, зхы   иақәиҭу, аобиективтә,  адемократиатә алхрақәа мҩаҧган. Европа уезгьы аимак ҟалоит, шәара уи сериозла шәамыхәаҧшын, избанзар, уи абжьааҧнытә усуп. Бриуссель еснагь абасоуп ишыҟоу, еснагь аимак иҟоуп. Аконсервативтә партиақәа аиааира анырго, еснагь абри аҩыза аимак ҳбоит, избанзар, европатәи аполитика арҵагашәҟәқәа рышьаҭала иаҧҵоуп. Алибералцәа аиааира анырго, Бриуссель  адемократиа иҟоуп ҳәа рҳәоит, аконсерваторцәа аиааира анырго, усҟан адемократиа иҟамзаап, Бриуссель еснагь абри аҩыза аимакқәа иҟоуп.

Венгриа аума, ҽаџьара аума, зегьы дара роуп, тәылак аҿы алибералцәа аиааира ргар, Мраҭашәаратә Европа зегьы аҿы ари афакт зегьы иреиҕьу адемократиа аҳасабала иалацәажәоит. Уажәы аконсервативтә  азнеишьа аиааира анага,  уи Европаҿ аимак  ахылҵит.  Иаҳа еиҕьу алхрақәа рышьҭахьгьы, иарбанзаалак атәылаҿгьы, абас ауп ишыҟоу, аха, уи сериозла шәамыхәаҧшын. Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, алхрақәа рҿы аиааира шәыдысныҳәалар сҭахуп, ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьасшьоит. Шәара, еснагь,  ҳара рҟны астратегиатә партниорра шәақәгәыҕыр шәылшоит“, – иҳәеит Виктор Орбан.