Виктор Орбан - Аԥыза-министр Кобахиӡеи «Ақырҭуа гәахәтәи» аиааира агара рыдысныҳәалоит
Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан асоциалтә каҭаҿы Қырҭтәыла имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа дрыхцәажәеит.
Виктор Орбан иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ауааԥсыра ртәыла азы иаҳа ихырҳагоу ибзиаӡаны ирдыруеит.
«Аԥыза-министр Кобахиӡеи «Ақырҭуа гәахәтәи» иахьа имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агара рыдысныҳәалоит.Қырҭтәыла ауааԥсыра ртәыла азы иаҳа ихырҳагоу ибзиаӡаны ирдыруеит.!» — иҩит Виктор Орбан.
Ателеканал «Имеди» имҩаԥнагаз аекзитпол «Gorbi» адыррақәа рыла, асааҭ 18:00 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала, апарламенттә алхрақәа рҿы абжьқәа абас ишоуп: «Ақырҭуа гәахәтәы – адемокртаитә Қырҭтәыла» — 56,1%. «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 11,6% «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 7,0% «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» – 12,6%, «Гахариа Қырҭтәылазы» — 4,8%.
Ателеканал «Мҭавари» имҩаԥнагаз аекзитпол , «Ақырҭуа гәахәтәы » — 42%; «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» — 18%; «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 13%; «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 9%; «Гахариа Қырҭтәылазы» — 8%.