Венгриа Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан аиҳабыра рнапгаҩыс иалхра
Венгриа Аҧыза-министр Виктор Орбан Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан аиҳабыра рнапгаҩыс иалхра.
Адныҳәаларатә шәҟәы ишану ала, Венгриа ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рстратегиатә ҵакы арҭбаара иазҿлымҳауп.
„Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраан шәалхра. Агәра шәсыргар сҭахуп Венгриа ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рстратегиатә ҵакы арҭбаара ишазҿлымҳау. Аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, агәра ганы сыҟоуп патуеиқәҵара ашьаҭала ишьақәгылаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳа иҭбаахаз ҳусеицура иҵегьы ишыҕәҕәахо.
Ишәыду аҭакҧхықәра анагӡараҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит“, – иануп адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.