Венецитәи акомиссиа Қырҭтәыла Алхратә закәанеидкыла иадҳәаланы агәаанагара ахьаарҧшу адокумент цәырнагеит
Венецитәи акомиссиа Қырҭтәыла Алхратә закәанеидкыла иадҳәаланы агәаанагара ахьаарҧшу адокумент цәырнагеит

Венециатәи акомиссиа  агендертә квотақәа раҧыхреи Алхратә комиссиа хада аиқәыршәара иадҳәалоу аҧсахрақәеи рзы ахатә гәаанагара аанарҧшит.

Венециатәи акомиссиа  агәынамӡара аанарҧшит аҧсахрақәа ирццаку арежимла рыдкылара иадҳәаланы, Қырҭтәыла ахадеи, Жәлар рыхьчаҩи, аоппозициеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыбжьагарақәа иазҧхьагәамҭакәа.

Венециатәи акомиссиа агәаанагарала, апарламенти аҭыҧантәи аорганқәеи рҿы аҳәса рхаҭарнакра аизырҳара амзызла аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп, агендертә квотақәа еиҭашьақәыргылатәуп.

Алхратә комиссиа хада аиқәыршәара иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа агәынамӡара аанарҧшит, избанзар, адокумент ишану ала,  Қырҭтәыла анапхгара Венеициатәи акомиссиа абжьагаракгьы иазҧхьагәарымҭеит.