Венециатәи акомиссиа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа ирыдҳәаланы Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла иалалаз аԥсахрақәа ирызкны алкаа ҟанаҵеит
Венециатәи акомиссиа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа ирыдҳәаланы Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла иалалаз аԥсахрақәа ирызкны алкаа ҟанаҵеит

Венециатәи акомиссиа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа ирыдҳәаланы Қырҭтәыла аоргантә закәан “Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла” иалалаз аԥсахрақәа ирызкны алкаа ҟанаҵеит.

Алкааҿ ишану ала, “Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла” аԥсахрақәа иалалгеит ирццаку апроцедура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ари иадҳәаланы алкааҿ ишазгәаҭоу ала, азакәанеидкыла иарбанзаалак аԥсахра алагалара ҟалоит зегьеицырзеиԥшу аконсультациақәа рышьҭахь ирҭбаау аконсенсус ашьаҭала.

Венециатәи акомиссиа агәаанагарала, арҭ аԥсахрақәа аҭыԥантәи алхратә закәанеидкылаҿ амажоритартә компонент дырӷәӷәоит, ари алхратә партиа апозициақәа рырӷәӷәара иахылҵуеит.

Ари иадҳәаланы, Венециатәи ауомиссиа абжьагарақәак ҟанаҵеит:

“2024 шықәса ԥхынҷкәын азы ирыдыркылаз аԥсахрақәа раԥыхра, зегьеицырзеиԥшу аконсультациақәа рышьҭахь ирҭбаау аконсенсус амҩаԥгара, уҳәа убас егьырҭ”, — иануп алкаа аҿы.