Венди Шерман - Урыстәыла асуверенитети, ашәарҭадара аламкьысра зин амазар, абри азин Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеигьы рымазароуп
Венди Шерман - Урыстәыла асуверенитети, ашәарҭадара аламкьысра зин амазар, абри азин Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеигьы рымазароуп

Урыстәыла асуверенитети, ашәарҭадара аламкьысра зин амазар, абри азин Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеигьы рымазароуп, – илҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Венди Шерман Вена, Европа ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара иҿыцу адиалог аԥшьгара аинаугурациатә аиԥылараҿ.

Шерман лажәақәа рыла, Урыстәыла изныкымкуа еиланагахьан Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара аегидала амоу ахыдҵақәа.

“2014 шықәсазы Урыстәыла Украина ақәлан, Ҟрым ампыҵахалара нанагӡоит. Урыстәыла 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ақәлан, изакәанымкәа атерритоиа 20% ампыҵахалара нанагӡоит. Молдова аиҳабыреи Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаареи ирмазҵаакәа, Молдова Урыстәыла арратә хәҭақәа гылоуп“, – илҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ.