Ведант Патель – Ҳара Урыстәылаҟа ишиашо ареисқәа ирыдҳәаланы еилыкка агәынамӡара ааҳарҧшит, ҳара ари апроцесс хшыҩзышьҭрала ҳацклаҧшуеит, иаҭаххар, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит
Ведант Патель – Ҳара Урыстәылаҟа ишиашо ареисқәа ирыдҳәаланы еилыкка агәынамӡара ааҳарҧшит, ҳара ари апроцесс хшыҩзышьҭрала ҳацклаҧшуеит, иаҭаххар, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит

«Мраҭашәаратә уаажәларра зегьы Урыстәыла иацәыхарахеит, уажәы Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иаамҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресс-маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Ведант Патель.

«Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ишиашо ареисқәа иалагар, Америкеи мраҭашәаратә атәылақәеи мацара ракәымкәа, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы аус зуа авиаеилахәырақәагьы апроблемақәа рызцәырҵуеит.   Мраҭашәаратә уаажәларра зегьы Урыстәыла иацәыхарахеит, уажәы Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иаамҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит  Ведант Патель.

Патель иазҵааит Америка ари азҵаара иадҳәаланы шьаҿақәак рыҟаҵара ргәы иҭоума ҳәа. Патель ишиҳәаз ала, иаҭаххар, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит, аха, заанаҵы акгьы изыҳәом.

«Ҳара Урыстәылаҟа ишиашо ареисқәа ирыдҳәаланы еилыкка агәынамӡара ааҳарҧшит. Иара убас, ҳара даҽазнык иазгәаҳҭеит урыстәылатәи аҳаирпланқәа ҳҳаиртә қәыҧшылара алалара азин шраҳамҭо. Ҳара ари апроцесс хшыҩзышьҭрала ҳацклаҧшуеит, иаҭаххар, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, аха, заанаҵы акгьы сызшәаҳәом», — иҳәеит  Ведант Патель.