Важа Сираӡе  - Сареи егьырҭ ахаҿқәеи асанциақәа ҳзышьақәыргылара иазкны аинформациа ҳмоуӡацт, есымша Америкаҟны аимадара ҳамоуп, уи иахьатәи амш алагьы иубарҭоуп
Важа Сираӡе  - Сареи егьырҭ ахаҿқәеи асанциақәа ҳзышьақәыргылара иазкны аинформациа ҳмоуӡацт, есымша Америкаҟны аимадара ҳамоуп, уи иахьатәи амш алагьы иубарҭоуп

Апатрультә полициа аиҳабы Важа Сираӡе иҳәамҭала, асанкциақәа изышьақәыргылара иазкны аинформациа имоуӡацт, ателееилахәырақәак аинформациа цқьа игәамҭакәа аладырҵәоит.

„Сареи егьырҭ ахаҿқәеи асанциақәа ҳзышьақәыргылара иазкны аинформациа ҳмоуӡацт, есымша Америкаҟны аимадара ҳамоуп, уи иахьатәи амш алагьы иубарҭоуп.  Рыцҳарас иҟалаз, ателееилахәырақәак аинформациа цқьа игәамҭакәа аладырҵәоит, аполицаицәа рыхьӡи раҳаҭыри ладырҟәыр рҭахуп“, – иҳәеит Важа Сираӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Важа Сираӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы,  уаҟа Америка Ахьыҧшымра амш инамаданы агәырҕьаратә уснагӡатә мҩаҧысуан.

„Америка ацҳаражәҳәарҭеи америкауааи Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалар сҭахуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Америкеи аимадара ҕәҕәа рыбжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа есымша инагӡоит“, – иҳәеит Важа Сираӡе.