Вахушҭи Менабде – Алхрақәа рызхаҵара ма рызхаҵамра атәыла ахада лиуристтә функциақәа ирыҵанакәам, лара апарламент аилатәара ааҧхьара илуалуп, уи ҟалымҵар, Аконституциа еилалгоит
Вахушҭи Менабде – Алхрақәа рызхаҵара ма рызхаҵамра атәыла ахада лиуристтә функциақәа ирыҵанакәам, лара апарламент аилатәара ааҧхьара илуалуп, уи ҟалымҵар, Аконституциа еилалгоит

«Алхрақәа рызхаҵара ма рызхаҵамра атәыла ахада лиуристтә функциақәа ирыҵанакәам, лара апарламент аилатәара ааҧхьара илуалуп, уи ҟалымҵар, Аконституциа еилалгоит», — иҳәеит аконституционалист Вахушҭи Менабде.

«Алхрақәа рызхаҵара ма рызхаҵамра атәыла ахада лиуристтә функциақәа ирыҵанакәам. Ари афункциа Аконституциала иазҧхьагәаҭам. Атәыла ахада  апарламент аилатәара ааҧхьара илуалуп, уи ҟалымҵар, Аконституциа еилалгоит.

Атәыла ахада апарламент аилатәара аалмыҧхьар,  анеҩс иҟало азы Аконституциаҿы акгьы ианым,  аха,  анапхгаратә партиаҿы ишырҳәаз ала,   дара егьи апункт рхы иадырхәоит. Егьи апункт ишану ала,  атәыла ахада изаамҭаным аилатәара аалмыҧхьар,  апарламент уезгьы еизоит. Дара ари апункт рхы иадырхәоит,  апарламент уезгьы еизоит», — иҳәеит  Вахушҭи Менабде.