Вахтанг Гомелаурии Гьаргь Каландаришвилии,  ишәарҭам алагылазаараҿы алхрақәа рымҩаҧгара амзызла,  аусеицура амеморандум рыбжьарҵеит
Вахтанг Гомелаурии Гьаргь Каландаришвилии,  ишәарҭам алагылазаараҿы алхрақәа рымҩаҧгара амзызла,  аусеицура амеморандум рыбжьарҵеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы  Гьаргь Каландаришвилии,  2024  шықәса жьҭаара 26  рзы ишәарҭам алагылазаараҿы алхрақәа рымҩаҧгра амзызла,  аусеицура амеморандум рыбжьарҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала, амеморанду инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистрреи Алхратә комиссиа хадеи аинформациа еиҭнырыҧсахлоит.

Иара убас, амеморандум ала иазҧхьагәаҭоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәеи азеиҧш тренинг рзымҩаҧгареи аусуратә аиҧыларақәа реиҿкаареи.

Алхратә процесс ашәарҭадара аиқәыршәареи  еиқәшаҳаҭны аусеицуреи амзызла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Алхратә комиссиа хадеи алхрақәа зегьы раҧхьа аусеицура амеморандум рыбжьарҵоит.