Вахтанг Гомелаури - Иахьа ҳара аполитика иадҳәалам, атәылауаҩ иинтересқәа приоритетс измоу аполициа ҳамоуп
Вахтанг Гомелаури - Иахьа ҳара аполитика иадҳәалам, атәылауаҩ иинтересқәа приоритетс измоу аполициа ҳамоуп

Қарҭ, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра административтә хыбра атерриториаҿ  аполициа амш инамаданы ауснагӡатә чыда мҩаԥган. Аминистр Вахатн Гомелаури аполициа аусуҩцәа азанааҭтә рымш рыдиныҳәалеит.

“Аполициаҿ аусура иаанаго, ацәгьаура аҿагылара, ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи изинқәа еиламгакәа атәылауаа рымаҵура шымариам ибзиаӡаны издыруеит. Ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара, акриминал аҿагылара, атәылауаа рзы ишәарҭам аҭагылазаашьа аиҿкаара ауп  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ихадоу афункциас амоу. Иахьа ҳара аполитика иадҳәалам, атәылауаҩ иинтересқәа приоритетс измоу аполициа ҳамоуп. Аполициа аусуҩ цыԥхьаӡа иҭабус ҳәа расҳәоит,” – аҳәеит аминистр.