Вахтанг Гомелаури - Амитингқәа раан аполициа аганахьала азакәан иаҿагыло аусмҩаԥгатәқәа аҭыԥ рымамызт
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури иажәақәа рыла, амитингқәа раан аполициа ахымҩаԥгашьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иашьашәалан..
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, аполициа аусзуҩцәа рганахьала амчылара афактқәа жәпакы иҭаҩуп.
“Амитингқәа раан аполициа аганахьала азакәан иаҿагыло аусмҩаԥгатәқәа аҭыԥ рымамызтт. Акциа алахәылацәа аполициаа алабақәа рыла ирыԥҟон. Аполициа аусзуҩы лабала уаниаслак, уаанкыланы амилициа аҟәшахьы унагароуп. Усҟан аполицаи уареи шәеиҿагылоит, укаҳаргьы ҟалоит ма унапы ухьуеит. Џьукы ирҳәоит аполициа хаҭарнакцәа дрыԥҟеит ҳәа. Аха аполициа аусзуҩцәа рганахьала амчылара афактқәа жәпакы иҭаҩуп”, – иҳәеит Гомелаури.