Ватикан Папа Римтәи Франциск иԥсыжра ацеремониа мҩаԥысуеит [афото, авидео]

Ватикан Папа Римтәи Франциск иԥсыжра ацеремониа мҩаԥысуеит, апонтифик наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит зықьҩыла ауааԥсыра.

Апроцессиа 30 минуҭ нагӡоит. Папа иаанижьыз ауасиаҭ ала, уи анышә дарҭоит Рим агәҭаны иҟоу Санта-Мариа-Маџьоре абазиликаҿ.

Папа Римтәи Франциск 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит  мшаԥы 21 рзы. Акардинал Хорхе Марио Берголио акатоликтә уахәама аԥхьагылаҩс далырхит 2013 шықәса хәажәкыразы, папа Бенедикт XVI инапынҵақәа анышьҭеиҵа ашьҭахь. Папа Римтәи Франциск агәаҵәыхь цәгьа иман, уи Римтәи Џьемелотәи ахәшәтәырҭа жәабан 14 рзы дышьҭарҵеит.