Ваке апарк аҿы иҟалаз афакт азы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа жәҩык ааныркылеит.
Ари атәы аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Жьҭаара 13 рзы, Ваке апаркаҿ ихәмаруаз ахәыҷқәа рымпыл аӡыршә иҭаҳаит. Ампыл анҭыргоз хҩык ахәыҷқәа афымца рысит. Ҩыџьа ахәыҷқәа зыҧшра ҟамҵакәа ахәышәтәырҭашҟа инаган. 13 шықәса зхыҵуаз аӡҕаб аклиникашҟа даннарга лгәы аангылахьан.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала — афымцеи, аҧхарратә енергиеи, агази, анефҭи, анефҭаалыҵи аобиектқәа рҿы ашәарҭадара апҟрақәа реилагаразы, уи азы иазҧхьагәаҭоуп 4 инаркны 7 шықәсанӡа аҭакра.