UNDP ауаҩытәыҩса иҿиара аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла ихынтәны "Ауаҩытәыҩса иҿиара зегь реиҳа ахьыҳараку" агәыԥ иалалеит
ЕАР аҿиаразы апрограмма UNDP ауаҩытәыҩса иҿиара аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла ихынтәны “Ауаҩытәыҩса иҿиара зегь реиҳа ахьыҳараку” агәыԥ иалалеит.
Ауаҩытәыҩса иҿиар 2023-2024 шш. рҳҳасабырба ала, Қырҭтәыла HDI аиндекс еиӷьнатәын, 193 тәылақәеи атерриториақәеи рыбжьара, 60-тәи аҭыԥ ааннакылеит.
Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса иҿиара азеиԥш аиндекс 0,814 иаҟароуп. Евроеидгыла иалоу атәыла – Болгариеи, Нато иалоу Аҩадатәи Македониеи Албаниеи, пост Советтә қәыԥшылара иалоу атәылақәа – Украинеи, Беларуси, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Казахстани, туркменистани, Узбекистани, Киргизиеи, Таџьикистани ирҿҳарԥшуазар ари арбагала Қырҭтәыла аԥхьагылра амоуп.