Ҩнызқьҩык атәылауаа аковидпандемиа аан ирықәҵаз ахараԥса рықәырхуеит
Иахьа аиҳабыра реилатәараҿ ҳахцәажәоит ҩнызқьҩык атәылауаа аковидпандемиа аан ирықәҵаз ахараԥса рықәхра азҵаара, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, ахараԥса рақәырхуеит 1855-ҩык афизикатәи хаҿқәеи 38 аиуристтә хаҿқәеи.
“Иахьа аиҳабыра реилатәараҿ ҳахцәажәоит ҩнызқьҩык атәылауаа аковидпандемиа аан ирықәҵаз ахараԥса рықәхра азҵаара. Ахараԥса рақәырхуеит 1855-ҩык афизиактәи хаҿқәеи 38 аиуристтә хаҿқәеи” – иҳәеит Кобахиӡе.