Transfermarkt аҿы Қырҭтәыла аизга ахәмарҩцәа еизаку рыхә 200 миллион евро еиҳахеит
Қырҭтәыла аизга ахәмарҩцәа еизаку рыхә 200 миллион евро еиҳахеит — Transfermarkt ирҿыцу адыррақәа цәырнагеит.
Асезон ахыркәшара ашьҭахь хәмарҩцәақәак рыхә иацлеит. Аизга ахәмарҩцәа еизаку рыхә 182 миллион евро аҟынтә 200 миллион евро аҟынӡа ишьҭыҵит.
Абарҭ арбагақәа рыла, Қырҭтәыла аизга адунеиаҿ 31-тәи аҭыҧ ааннакылоит, Венгриеи (192,95), Нигериеи (188,45), Америкеи (182,30), Ирландиеи (175,53), Чехиеи (167,60), Иапониеи (158,00) раҧхьа игылоуп.
- Хвича Кварацхелиа, «Пари Сен-Жермен», Франциа — €90 миллион;
- Гьаргь Мамардашвили, «Ливерпуль», Англиа – 30 миллион евро;
- Гьаргь Микаутаӡе, «Лион», Франциа – 22 миллион евро;
- Зурико Давиҭашвили, «Сент-Етиен», Франциа – 10 миллион евро;
- Саба Гогличиӡе, «Емполи», Италиа – 8 миллион евро;
- Оҭар Китеишвили, «Штурм Грац», Австриа – 6 миллион евро;
- Гьаргь Чакветаӡе, «Уотфорд», Англиа – 4,5 миллион евро;
- Саба Лобжаниӡе, «Атланта Иунаитед», ИАШ – 4 миллион евро;
- Гьаргь Кочорашвили, «Спортинг», Португалиа – 4 миллион евро;
- Иракли Азаров, «Шахтер», Украина – 4 миллион евро.