Тоцилизумаб 2000 адозақәеи Ронаприв 500 адозақәеи Қырҭтәылаҟа иаагоуп
Тоцилизумаб 2000 адозақәеи Ронаприв 500 адозақәеи Қырҭтәылаҟа иаагоуп

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра атәылашҟа акоронавирус ахәшәтәратә препаратқәа раагара нарыгӡоит.

Қырҭтәылаҟа иааргеит Hetero Biopharma Limited иҭнажьыз апрепарат Тоцилизумаб 2000 адозақәеи Ронаприв 500 адозақәеи.

Ахәшәқәа аархәеит Адунеи абанк афинанстә цхыраарала. Амедицинатә усбарҭақәа абарҭ ахәшәқәа етапла ироуеит. Тоцилизумаб активла рхы иадырхәоит ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа рхәышәтәразы.

Амоноклональтә атәымцәеижьҿагылақәа Roche (Касиривимаб/Имдевимаб) рхы иадырхәоит акоронавирус ачымазара змоу апациентцәа хырҧашьа змам амедицинатә цхыраара рыҭаразы.