Тонино Пицула - Украинеи Молдовеи акандидат статус анашьареи Қырҭтәыла европатәи аперспектива азхаҵареи аполитикатә адгылара ӷәӷәа ауп иаанаго
Евроеидгыла ахеилак аиқәшаҳаҭра Украинеи Молдовеи акандидат статус анашьара иазкны, иара убас Қырҭтәыла европатәи аперспектива азхаҵара аполитикатә адгылара ӷәӷәа ауп иаанаго, – иҳәеит евродепутат Тонино Пицула Европарламент аҿы арҭбаара астратегиа иадҳәаланы имҩаԥгаз аилатәара аҿы данықәгылоз.
Тонино Пицула ақәгылараан ишазгәеиҭаз ала, атәыла цыԥхьаӡа ахатә ақәнага ала ахәшьара аҭатәуп.
“Евроеидгыла ахеилак аиқәшаҳаҭра Украинеи Молдовеи акандидат статус анашьара иазкны, иара убас Қырҭтәыла европатәи аперспектива азхаҵара аполитикатә адгылара ӷәӷәа ауп иаанаго. Ари аӡбара ала Евроеидгыла арҭбаара аполитикаа аофициалла ҭбаахит мрагыларатә партниорра атәылақәа рганахьала. Убри аҟынтә, аҩнуҵҟатәи административтә структурақәеи адәныҟатәи афинанстә инструментқәа ирҽеитәуп. Атәыла цыԥхьаӡа ахатә ақәнага ала ахәшьара аҭатәуп… Евроеидгыла алалара Евроеидгыла афинанстә фондқәеи атранспорттә коридор аҵкыс еиҳауп. Зегь реиҳа ихадоуп ахәынаҿарақәеи апринципқәеи ракзаара, урҭ пату рықәҵатәуп”, – иҳәеит ажәахәҟаҵаҩ.