Тони Радакин – Астратегиатә ганахьала Урыстәыла ари аибашьра иаҵахеит
Тони Радакин – Астратегиатә ганахьала Урыстәыла ари аибашьра иаҵахеит

Британиа атәылахьчара аштаб хада анапхгаҩы, адмирала  Тони Радакин ишиҳәаз ала, Урыстәыла астратегиатә ганахьала ари аибашьраҿы иаҵахеит. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла хаангьы  Украина ишеибгоу ампыҵахалара залшом.

«Урыстәыла агха ду ҟанаҵеит. Украина хаангьы Урыстәыла ахылаҧшра аҵаҟа иҟалом», — иҳәеит  Радакин.

«Астратегиатә ганахьала Урыстәыла ари аибашьраҿы иаҵахеит . Урыстәыла ацәыӡ ду амоуп, НАТО иаҳа иҕәҕәахеит. Путин иеибашьратә машьына есымша километрқәак мацаралоуп ҧхьаҟа ишцо», — иҳәеит  Радакин.