Томас Хакер – Ҳара Қырҭтәыла Евроеидгыланӡа иназгаша амҩа адаагаларц азыҳәан аус еицаауеит, ари амҩа макьана иаартуп, аус еицааур, еиҭах ари амҩа ҳанылар ҳалшоит, уи европатәи азнеишьоуп
«Ҳара Қырҭтәыла Евроеидгыланӡа иназгаша амҩа адаагаларц азыҳәан аус еицаауеит, ари амҩа макьана иаартуп, аус еицааур, еиҭах ари амҩа ҳанылар ҳалшоит, уи европатәи азнеишьоуп», — Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бундестаг адепутат Томас Хакер.
Иара иҳәамҭала, Қырҭтәыла ахатә жәлар рзы иреиҕьу аӡбара аднакылароуп.
«Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазкны аӡбара анаднакыла аҽны ақырҭуа делегациа ҳзааит, ҳгәырҕьара ҳәаа амамызт. Ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵашаз ҳалацәажәон. Нас, мшаҧы азы, ҳаргьы абрахь визитла ҳааит. Рыцҳарас иҟалаз, усҟан Қырҭтәыла апарламент адепутатцәа ҳарҧыларатәы алшара ҳамамызт, избанзар, Қырҭтәыла аиҳабыра ари азакәан апарламентахь идырхынҳәырц рыӡбеит. Ҵыҧх, ари закәан аҧыхра ашьҭахь, дара ажәа шьҭарҵеит ари азакәан уаҳа ахаан ишамыхәаҧшуаз азы», — иҳәеит Хакер.
Иара ишиҳәаз ала, ҭагалан Қырҭтәыла адемократиатә алхрақәа мҩаҧысып ҳәа дгәыҕуеит. .