Аҩы амилаҭтә агентра ацхыраарала, Аҩи алкоголь злоу арыжәтәқәеи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа ProWein Tokyo иалахәын ақырҭуа аҩытә зауадқәа жәба.
Ацәыргақәҵа Prowine Tokyo 2025 иаҭааит 50 нызқьҩык раҟара аҭааҩцәа, урҭ иреиун аҩы апрофессионалцәеи акоммерциатә усхкы ахаҭарнакцәеи. Ари аусхкы Иапониаҿ ақырҭуа аҩы аӡыргареи, аџьармыкьаҿ аларҵәареи, ахәаахәҭратә партниорцәа рыҧшаареи азы аҵакы ду аман.
ProWein Tokyo аҿы дыҟан Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеимураз Лежава. Ақырҭуа аҩыҟаҵаҩцәа ацәыргақәҵаҿы ақырҭуа аҩы ацәыргаразы ацҳаражәҳәарҭа аҟынтә ацхыраара роуит.
Иапониа – ақырҭуа аҩы азы астратегиатә ҵакы змоу аџьармыкьақәа иреиуп. Аҩы амилаҭтә агентра ацхыраарала, уаҟа ақырҭуа аҩы раҧхьатәи ацәыргақәҵа ду мҩаҧган 2014 шықәсазы. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы ақырҭуа аҩыҟаҵаҩцәа, Аҩы амилаҭтә агентра адгылара ала, еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәа ирылахәын, лымкаала – Foodex Japan, Wine and Gourmet Japan, RAW Wine Tokyo, ProWein Tokyo, уҳәа, убас егьырҭгьы.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩы амилаҭтә агентра.