Тоивоо Клаар – Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа хәҷык адымхаргьы аиқәшаҳхара азҿлымҳарала аишәа иахатәап ҳәа сгәыӷуеит

12:38, 05.04.2024

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа хәҷык адымхаргьы аиқәшаҳхара азҿлымҳарала аишәа иахатәап ҳәа сгәыӷуеит. Зымҽхак ҭбаау азҵаарақәа рҿы аманшәалара ҳауеит ҳәа сгәыӷуеит, аха апрогресс ду ҟалоит ҳәа сгәы иаанагом,  – иҳәеит Аладатәи Кавкази Қырҭтәылеи рҿы акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар.

Клаар иажәақәа рыла, Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд аҵак ду амоуп.

Тоиво Клаар ишазгәеитҭаз ала, иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ихадароуп. .

Еиԥшу