Тәылауаак ахаҭаразы агәраргагақәа ахә ҷыдала аиура рылшоит цәыббра 5 рҟынӡа
Тәылауаак ахаҭаразы агәраргагақәа ахә ҷыдала аиура рылшоит цәыббра 5 рҟынӡа

Аҳәынҭсервисқәа рырҿиара агентра аинформациала, тәылауаак ахаҭаразы агәраргагақәа ахә ҷыдала аиура рылшоит цәыббра 5 рҟынӡа.

Ахаҭаразы агәраргагақәа ахә ҷыдала аиура рылшоит:

аелектронтә ахаҭаразы агәраргагақәа ахаан змамыз зықәра неихьоу атәылауаа;

сынтәа, жьҭаара 5-нӡа зтәылауаҩшәҟәқәа амч зцәыӡуа, иара убас абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа змам атәылауаа;

ахаҭаразы агәраргагақәа амч зцәыӡуа, иара убас абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа змам жьҭаара 5-нӡа 18 шықәса зхыҵыз атәылауаа;

уаанӡа ахаҭаразы агәраргагақәа змамз жьҭаара 5-нӡа 18 шықәса зхыҵыз атәылауаа.