The New York Times агәаанагарала, 2025 шықәсазы аныҟәаҩцәа хымбада ирбараны иҟоу ҭыԥқәа иреиуп Қәҭешь
The New York Times агәаанагарала, 2025 шықәсазы аныҟәаҩцәа хымбада ирбараны иҟоу ҭыԥқәа иреиуп Қәҭешь

Америкатә кыԥхь The New York Times агәаанагарала, 2025 шықәсазы аныҟәара бзиа избо ахаҿқәа хымбада ирбараны иҟоу ҭыԥқәа иреиуп Қәҭешь.

“Адунеи аҿы ижәытәӡатәиу ақалақьқәа рсиа ину ақалақь Қәҭешь аҭоурых беиоуп, уи иакәшаны иҟоуп зеиԥшҟамлац ала иԥшӡоу Қырҭтәыла аԥсабаратә ҭыԥқәа. Қәҭешьи адунеи еиуеиԥшым атәылақәеи рыбжьара авиаеилахәырақәа ишиашоу аԥыррақәа анрылага ашьҭахь, ақалақь аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы атуристцәа рзы аинтерес зҵоу ҭыԥны аарԥшын”, -иануп The New York Times астатиа аҿы.

Акьыԥхь аинформациа ала, ҳазҭагылоу ашықәс алагамҭазы Қәҭешь аԥхьаӡацтә интерактивтә музеи аартын, уи 3500 шықәсатәи аҭоурых змоу ақалақь аҿы ԥасатәи аҳратә резиденциаҿ ааартуп.