Техас аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 82-ҩык рҟнынӡа инаӡеит
Техас аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 82-ҩык рҟнынӡа инаӡеит, урҭ иреиуп 28-ҩык ахәыҷқәа.
Кери аокруг аҿы иҟоу аӡиас Гвадалупе аҟәараҿы иҟаз ақьырсиантә аԥхынтә лагер иҟаз 11-ҩык ахәыҷқәеи алагер анапхгаҩи хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Техас агубернатор ауааԥсыра агәҽанҵара риҭоит аԥсабаратә рыцҳара аиҭаҟалара иазкны.
Техас аӡхыҵра ахәашаҽны ҟалеит. Аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа ду аиуит Кери аокруг.