Тедрос Аданом Гебреисус – Қырҭтәыла ақәҿиара агәыҕра ду ҳнаҭоит адунеи зехьынџьара ашыӡ аҧыхра шыҟало азы
Қырҭтәыла ақәҿиара агәыҕра ду ҳнаҭоит адунеи зехьынџьара ашыӡ аҧыхра шыҟало азы – иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Аданом Гебреисус Қырҭтәыла ашыӡ ахьыҟам атәыла аҳасабала асертификат аҭара даналацәажәоз.
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аофициалтә аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәыла, ашыӡ аҧыхразы, хықәкыла аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵаны, адунеиаҿ абри аҩыза асертификат зауз 45 ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа игылеит.
Қырҭтәыла, ашыӡ ахьыҟам тәылас азхаҵаразы, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арзаҳал аланаҵеит 2024 шықәса нанҳәазы.