Теа Цулукиани - 2012 шықәсанӡа ацҳаражәҳәарҭақәа ирыҭаз 117 експонатқәа рҟынтә 53 иӡит, ари афакт азы аусеилыргара иалагоит
«2012 шықәсанӡа ацҳаражәҳәарҭақәа ирыҭаз 117 експонатқәа рҟынтә, бжеиҳара, зыхә дуу асахьақәа, 53 иӡит, ари афакт азы аусеилыргара иалагоит», — илҳәеит акультура аминистр Ҭеа Ҵулукиани «аминистрцәа рсааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны апарламент аҿы данықәгылоз. .
Лара лажәақәа рыла, аинвентариазациа анхдыркәшалак, аусеилыргара апроцесс иалагоит.
«Афондқәа зегьы еиҿкаатәуп, уажәазы аинвентаризациа мҩаҧысуеит. Уажәазы ишаадыруа ала, 2012 шықәсанӡа ацҳаражәҳәарҭақәа ирыҭаз 117 експонатқәа рҟынтә 53 иӡит, бжеиҳарала, зыхә дуу асахьақәа, убри аҟынтә, аинвентаризациа ҳаналгалак, ари афакт азы аусеиларгара иалагоит.
Сара Чехиа иҟоу ҳацҳаражәҳәарҭеи схаҭыҧуаҩи сраҭабууп, избанзар, ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы иаанхаз асахьақәа рырхынҳәра апроцесс ҳалагеит, зегьы раҧхьа абри аус иақәҿырҭит Чехиа иҟоу ацҳаражәҳәара. Сареи адәныҟатәи аусқәа рминистри абри ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Асахьақәа зегьы Амилаҭтә галлереиеи Аҟазара амузеи рахь иҳархынҳәуеит», — илҳәеит Теа Ҵулукиани.