Цәыббра инаркны китаитәи авиаеилахәыра дуӡӡа AIR CHINA Қырҭтәылаҟа ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит
Цәыббра инаркны китаитәи авиаеилахәыра дуӡӡа AIR CHINA Қырҭтәылаҟа ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит

Цәыббра инаркны китаитәи авиаеилахәыра дуӡӡа AIR CHINA Қырҭтәылаҟа ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит. Атәылауаҩратә авиациа агентра адыррала, Қарҭи Урумчи рыбжьара ареисқәа мҩаҧгахоит мчыбжьыкахь хынтә.  Уажәазы ари авиаеилахәыраҟны аконсультациақәа мҩаҧысуеит.

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Мариам Квривишвили лҳәамҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы аҧыррақәа ралагаразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит. Уи абзоурала, иаҳа ирацәаны китаитәи атуристцәа Қырҭтәыла аҭаара рылшоит.