Цәыббра 16-22 рзы Қарҭ имҩаҧысуеит «Амобилра европатәи амчыбжь». Қырҭтәыла аҳҭнықалақь иҧшьынтәны ари ауснагӡатә иалахәып. Ари аинформациа иаланарҵәеит Қарҭ ахадара.
Сынтәатәи ауснагӡатә хықәкыс иамоуп ақалақьтә мобилра иазкны адырра ашьҭыхреи,
ауаажәларратә транспортлагьы, шьапылагьы, амаланыҟәалагьы аиҭаҵра аӡыргареи.
«Амобилра европатәи амчыбжь» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қарҭтәи атранспорттә агентреи, апартниортә аиҿкаарақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи еиуеиҧшым ауснагатәқәа мҩаҧыргоит.