Цицишвили ихьӡ зху аклиникаҿы ишаарыцҳаз ала, иҧсабаратәы аҧсыҧ лагаҩагаратә аппаратқәа ирҿаку хҩык ахәыҷқәа хәыҷык рҭагылазаашьа еиҕьхеит
Цицишвилди ихьӡ зхәы ахәыҷтәы клиника адиректор Маиа Чхаиӡе ишылҳәаз ала, иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппаратқәа ирҿаку хҩык ахәыҷқәа рҟынтә ҩыџьа хәыҷык рҭагылазаашьа еиҕьхеит.
«Хҩык апациентцәа уажәгьы иҧсабратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппаратқәа ирҿакуп, урҭ рҟынтә ҩыџьа хәыҷык рҭагылазаашьа еиҕьхеит, аинфекциа ҳахылаҧшуеит, рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ахҧатәи апациент уажәгьы иҭагылазаашьа цәгьоуп, хәыҷык деицәахеит», — илҳәеит Маиа Чхаиӡе.
Лара лажәақәа рыла, уажәазы ареанимациатә аҟәша иҭоуп 19ҩык ахәыҷқәа.