Цицишвили ихьӡ зху аклиникаҿ акоронавирус зыдбалаз асаби дыԥсит, – ари атәы ааицҳаит Цицишвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ҿыц адиректор Давиҭ Рехвиашвили.
Рехвиашвили иажәақәа рыла, импыҵахалоу Аԥснынтә Қарҭ ԥхынгәы 1 азы иаргаз асаби аԥсыԥ лашаҩагаратә аппарат даҿакын.
“Ҩымз зхыҵуаз асаби индиатәи дельта аштамм идбалан. Уи акоронавирус идбалан рашәара 24 рзы. Дышьҭан Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿ, иҭагылазаашьа аныцәгьаза, ҳклиникаҿ диаган. Асаби иҭагылазаашьа даара ицәгьан, иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит, аха иаха ахәыҷы иԥсҭазаара далҵит. Ан ачымазара далҵит, ахәышәтәырҭа далырҩааит,” – иҳәеит аклиника директор.
Ахԥатәи асаби иҭагылазаашьа еиӷьхеит.