Цицишвили ихьӡ зху аклиникаҿ 6 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы дыԥсит
Цицишвили ихьӡ зху аклиникаҿ 6 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы дыԥсит

Цицишвили ихьӡ зху аклиника амедицинатә директор Маиа Чхаиӡе ишаалыцҳаз ала, аклиникаҿ акоронавирус адиагноз ала ишьҭаз 6 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы дыԥсит, уи ахәышәтәырҭахь днаган нанҳәа 27 рзы.

Чхаиӡе лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭахь данаарга ахәыҷы иҭагылазаашьа даара цәгьан.

“Зыԥсҭазаара иалҵыз 6 шықәса зхыҵаз апациент ахәышәтәырҭахь дааргеит ахәашаҽны, уи иҭагылазаашьа даара цәган. Апациент ачымазара лаҽқәак иман. Аковидинфекциа афонаҿ ахәыҷы асептикатә шок ихьт,” – илҳәеит Маиа Чхаиӡе.