TAV Georgia – Апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳара еицтәараны, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аинфраструктура аҿиара иаҿуп
TAV Georgia – Апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳара еицтәараны, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аинфраструктура аҿиара иаҿуп

Апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳара еицтәараны,  Қарҭтәи Баҭымтәи аҳаирбаҕәазақәа рнапхгаратә еилахәыра  TAV Georgia  Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аинфраструктура арҿиара иаҿуп.

Қарҭтәи жәларбжьратәи аҳаирбаҕәазаҿ аиммиграциатә зона дырҭбааит, апаспорттә хылаҧшра аҭыҧқәа ацырҵеит. Иара убас, аҳәаатә пунктқәа рахь акорридор лас аханатә еиҿыркааит.  TAV Georgia арҭ апроектқәа ирзоунашьҭит  4 миллион  лари.

2024 шықәсазы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ зеиҧшҟамлац ала апассаџьырцәа рацәан.  Шықәсыкала аҳаирбаҕәаза  4 750 830ҩык апассаџьырцәа рымаҵ ауит. Аҵыхтәантәи ашықәс азы апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит  29%-ла.

TAV Georgia афранцыз гәыҧ  ADP  иаҿыгоу еилахәыроуп,  уи TAV Airports Holding иалахәып. Қырҭтәыла ари аилахәыра аусура иалагеит  2005 шықәсазы.

Ари аилахәыра Қарҭтәи Баҭымтәи аҳаирбаҕәазақәа рыргылареи рырҿиареи иаланаҵеит  220 миллион адоллар.