Таниа Фаион – Европатәи амҩа анагӡаразы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа сырзыразуп, уи Европа арҕәҕәаразы аполитикатә ҭагылазаашьа бзиоуп
«Европа иаҳа арҕәҕареи иаҳа арҭбаареи азыҳәан аполитикатә ҭагылазаашьа бзиоуп. Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ианымазеихо, Евроеидгыла ахырхарҭала зҵакы дуу ашьаҿақәа еицыҟаҳҵоит», — илҳәеит Словениа адәныҟатәи аусқәа рминистр Таниа Фаион.
Евроеидгыла атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара ахьымҩаҧысуа Бриуссель аминистр ишылҳәаз ала, лара Евроеидгыла ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа дырзыразуп.
«Европатәи амҩа анагӡаразы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа сырзыразуп, иара убас, абарҭ х-тәылак ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иаднакылаз аӡбара сақәшаҳаҭуп. Насгьы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Мраҭашәаратә Балканқәа ганла иаанхар шыҟамло, ишысҳәахьаз еиҧш, уи агеополитикатә хымҧадароуп. Ҳара алшара бзиа ҳамоуп, 2030 шықәсанӡа Евроеидгылеи зыӡбахәы ҳәоу атәылақәеи анымазеихалак, Евроеидгыла арҭбаара ҳалшоит», — илҳәеит Фаион.