Тамар Габуниа – Аҭагылазаашьа еицәахар, икылкаау аҧкрақәа шьақәҳаргылоит, даҽа цәқәырҧак ҟалар, агәабзиарахьчаратә система уи аҿагылара залшом
Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, ауаа реиҭаҵра аизырҳареи асабрадақәа рныҟәгара арбага амаҷхареи амшала, акоронавирус аҿкаара арбагақәа рыцлоит.
Габуниа ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟалҵеит ҷыдала ргәы рҽанызарц.
«Аҭагылазаашьа еицәахар, ҳәарада, икылкаау аҧкрақәа шьақәҳаргылоит, даҽа цәқәырҧак ҟалар, агәабзиарахьчаратә система уи аҿагылара залшом. Убри аҟынтә, ҷыдала ҳгәы ҳҽанызароуп. Ҳара есымша арегионалтә анализ ҟаҵаны, иашьашәалоу аӡбрақәа ҳадаҳкылоит. Уаҵәы Гуриа ҳҵоит, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа гәаҭаны, аӡбара ҳадаҳкылоит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.