Суламаниӡе  Бақәа имҩаҧысуа Ашлем ду атурнир аиааирала далагеит
Суламаниӡе  Бақәа имҩаҧысуа Ашлем ду атурнир аиааирала далагеит

5 ҩык ақырҭуаа Бақәа имҩаҧысуа Ашлем ду атурнираҿ амедальқәа ирзықәҧоит.

Ақырҭуа ӡиудоистцәа рҟынтәи зегьы раҧхьа аицлабра далагеит аӡиудоист қәыҧш  Илиа  Суламаниӡе, иара  100 кьыла акапантә категориаҿ дықәгылоит.  Суламаниӡе аказах  Молдагулов даҵаирхан, уажәшьҭа афинал  1/8 аҿы аузбек  Турабоев диацлабуеит.

Иахьа аицлабрақәа рҿы иқәгылоит  Лука Маисураӡеи (90 кьыла), Гурам Тушишвилии  Саба Инанеишвилии (рҩыџьагьы +100кьыла) , зыкапан дуу  Софиа Сомхишвилии.