Страсбургтәи аӡбараҭа иазханаҵеит Урыстәыла аҭакԥхықәра шақәу Аԥсны ауааԥсыра рзинқәа аилагаразы
Страсбургтәи аӡбараҭа иазханаҵеит Урыстәыла аҭакԥхықәра шақәу Аԥсны ауааԥсыра рзинқәа аилагаразы

 

Страсбургтәи аӡбараҭа иазханаҵеит Урыстәыла аҭакԥхықәра шақәу Аԥсны ауааԥсыра рзинқәа аилагаразы Мамасахлиси иус аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Европатә аусӡбырҭа ауааԥсыра рзин ахьчараз аыӡба аланарҵәеит «МамисахлисиИ, егьырҭ азинқеи Қырҭтәылеи Урыстәылеи».

Урыстәыла еиланагеит аконвенциа ала иазԥхьагәаҭоу ауаҩы изинқәа ахәҭаҷқәа хԥа, ҩыџьа рзы. Қырҭтәыла аган ала аконвенциа еилагамзт.

Ари аус 2008 шықәса аурыс-ақырҭуа аибашьра иадҳәалоуп. Ҷыдала Леван Мамисахлиси, Григол Нанавеи урҭ аанкылан де-факто Аԥсны аиҳабырала 2001, 2003  шықәсқәа рзы.

Аусӡбыра ишышьақәнаргылаз ала, Урыстәыла урҭ ирзыршәар ауп 35-35 нызқь евро, акомпенсациа аҳасабала, иара убас 23,3 нызқь евро ироуыз ахарџь азы.

Аусӡбырҭа иаԥхьаӡеит  Мамисахлиси, Нанавеи  рҭакра закәаным ҳәа. Аусӡбыра ишьақәнарӷәӷәеит иаанкылаз ишахәҭамз ишрызныҟәоз, ауаҩы иқәнамго аҭагылазаашьеи, иҽеимкәа рызныҟәареи. Азашшҩцәа рыҩџьагьы амедицинатә цхыраара рымамзт иара убас иҵабыргыз аӡбаратә еилыргара. Иара убас адукат ицхыраара рымамзт.

Аусӡбыра иаԥхьаӡеит, Қырҭтәыла аиҳабыра иалшоз зегьы ҟанаҵит, Мамасахлиси, Нанавеи рзинқәа ахьчаразы, аха мап рыцәкын де-факто Аԥснытәи аиҳабыра аҟнытә, Урыстәыла аиҳабыра акгьы ҟанамҵеит ацхыраарз.