Страсбургтәи аӡбарҭа Урыстәыла иаднаҵеит акомпенсациа асахьала Қырҭтәыла 129 млн. евро азшәара
2008 шықәсатәи аибашьра иадҳәаланы иалаҵаз ашшырҧхьыӡ азы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа Урыстәыла иаднаҵеит акомпенсациа асахьала Қырҭтәыла 129 млн. евро азшәара.
Страсбургтәи аӡбарҭа аофициалтә информациа ишану ала, Урыстәыла, хымз рыҩныҵҟала, Қырҭтәыла акомпенсациа азнашәароуп 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ажәылара амшала атәыла иаиуз азарал азыҳәан.
Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, 2022 шықәсазы Урыстыла Европа Ахеилак ишалырхызгьы, аӡбарҭа акомпенсациа иазку Қырҭтәыла аҳәара ахәаҧшра азин амоуп.
Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарала, Урыстәыла хымз ирылагӡаны, Қырҭтәыла азнашәароуп 3,25 млн евро акомпенсациа Аахыҵ Уаҧстәыла ақырҭуа қыҭақәеи абуфертә зонеи рҿы 50ҩык ауаажәларратә хаҿқәа рҭахара иадҳәаланы.
Иара убас, Урыстәыла Қырҭтәыла акомпенсациа азнашәароуп 166ҩык ақырҭуаа закәандарала раанкылареи, гәымбылџьбарала рызныҟәареи, ақырҭуа аруаа рыргәаҟреи азыҳәан.
Егьырҭ ацәгьаурақәа зегьы иазҧхьагәҭаны, зынӡа Урыстәыла Қырҭтәыла азнашәароуп 129,8 млн евро.