Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи, Михеил Ҟавелашвилии апартиа "Ақырҭуа гәахәтәы" аанрыжьуеит
Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи, Михеил Ҟавелашвилии апартиа "Ақырҭуа гәахәтәы" аанрыжьуеит

Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи, Михеил Ҟавелашвилии апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аанрыжьуеит.

Ари атәы ааицҳаит афракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе иахьа имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

“Аиҳара иахьатәи реилатәараҿ агәаанақәарақәа реиқәымшәароуп ари амзызс иамоу. Хаҭала – дара ргәаанагараа ауааԥсыра ииашоу алкаақәа ҟарҵарц азы иаҳа ирацәаны аинформациа аларҵәара атахуп, акулисақәа рҟынтә аполитикатә фактқәеи ахҭысқәкм ирызку аинформациа ларҵәатәуп. Ари азҵааразы аимак, адискуссиа ҳаман, урҭ ишырыӡбаз ала, абри еиԥш аинформациа аларҵәаразы зхы иақәиҭу апарламенттә мандат аҭахуп. Аӡбара рыдыркылеит. Агәыԥ ари аӡбара иадгылом, аха урҭ рпозициа аԥсахра ргәы иҭам”, – иҳәеит Мдинараӡе.