Созар Субари – Трамп иалхра ҳара ҳзы зҵакы дуу хҭысуп, избанзар, ҳхәаҧшырақәеи ҳинтересқәеи еиқәшәоит
Созар Субари – Трамп иалхра ҳара ҳзы зҵакы дуу хҭысуп, избанзар, ҳхәаҧшырақәеи ҳинтересқәеи еиқәшәоит

Қырҭтәыла апарламент авице-спикер   Созар Субари иҳәамҭала, Трамп иалхра Қырҭтәылазы зҵакы дуу хҭысуп, избанзар, ҳхәаҧшырақәеи ҳинтересқәеи еиқәшәоит.

Азеиҧш интересқәа данрылацәажәоз, Созар Субари  ҷыдала иаликааит абарҭ ахырхарҭақәа: Урыстәылаҟны аибашьра аҽалагалара  иадҳәаланы Қырҭтәыла ақәыҕәҕәара аҟәыҵра; аҭаацәаратә принципқәа рыхьчара иазку азакәан аҧыхра аӡәгьы даҳәом; атәым анырра аартызаара атема азыхынҳәра аҭаххом.

Созар Субари ишиҳәаз ала, Америкеи Қырҭтәылеи ринтересқәа иахьеиқәымшәо атемақәагьы иҟоуп, урҭ иреиуп Иран атема.

«Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа Ирани ҳареи аигәылара шҳабжьаз ҳхамшҭроуп. Адунеитә ахәмарҩцәа Иран ишазныҟәо иахьыҧшымкәа, ҳареи Ирани ҳаизыҟазаашьақәа наҟ-наҟгьы инагӡахоит.  Ҳаҧсадгьыл аинтересқәа рыхьчара ҳалшароуп, ҳмилаҭтә интересқәа ҳхадаратә партниорцәа ринтересқәа ирықәымшәозаргьы», — иҳәеит  Созар Субари.