SOCAR Energy Georgia аинициативала, аиҟәшаратә цәаҳәақәа рынҭыҵ инхо  2174 ҭаацәарақәа афатәаалыҵ рызнаргоит
SOCAR Energy Georgia аинициативала, аиҟәшаратә цәаҳәақәа рынҭыҵ инхо  2174 ҭаацәарақәа афатәаалыҵ рызнаргоит

 

SOCAR Energy Georgia агенералтә директор Махир Мамедов иинициативала,  Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат аҽалархәрала,  аиҟәшаратә цәаҳәақәа рынҭыҵ инхо  2174 ҭаацәарақәа афатәаалыҵ рызнаргоит

Асоциалтә цхыраара роуеит  аимак амшала азарал зауз 5 регионк ирықәынхо, ахылҵ рацәа змоу, иара убас, зымацара инхо зықәрахь инеихьоу ауааҧсырагьы.

Акампаниа иалагеит Гыртәыла арегион аҿы, ауааҧсыра афатәаалыҵ рыҭара иазкыз ауснагӡатә аҿы иҟан  «SOCAR Georgia Petroleum»  адиректор Леван Гиоргаӡеи, аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании, адепутат Иракли Чиқовании, арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Малхаз Ҭориеи.

Иара убас,  SOCAR Energy Georgia ацхыраара ала, афатәаалыҵ роуеит  Шида Қарҭлии, Мцхеҭа -Мҭианеҭии, Имереҭии, Раҷеи арегионқәа ирықәынхо зықәрахь инеихьоу хылаҧшҩы дызмам ауааҧсыреи,  социалла ихьчам  800 раҟара аҭаацәарақәеи.

Инеизакны абри акциазы иныхуп  279 570 лари.