«Сынтәа аныҳәа “Ҭбилисоба” мҩаҧгахоит жьҭаара 1-2 рзы», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Каладзе.
Иара иажәақәа рыла, апандемиа амшала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аныҳәа мҩаҧыргомызт, аха, сынтә ирдуны иазгәарҭоит.
Каха Каладзе ишазгәеиҭаз ала, Қарҭ аныҳәатә уснагӡатәқәа ишаҧу еиҧш имҩаҧгахоит Риҟе апарки Леҕвисҭавии рҿы, иара убас, Орбелиании Гудиашвилии рышҭақәа рҿы ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит.
Калаӡе иҳәамҭала, аныҳәа иаҭаауеит аиҩызаратә ақалақьқәа рделегациақәагьы.