Словакиа Украина анаҭеит аракетатә комплекс С-300. Reuters адыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Словакиа аҧыза-министр Едуард Хегер. Иахьа иара Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррели Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени дрыцны Украина дыҟоуп.
НАТО иалоу Словакиа асоветтә ракетатә системақәа С-300 батареиак амоуп, атәыла арҭ асистемақәа аиуит 1993 шықәсазы, Чехословакиа аилаҳара ашьҭахь.
Жәабран 24 рзы Урыстәыла Украина ианажәыла ашьҭахь, раҧхьаӡа акәны, Украина атәым ҳәынҭқарра аҟынтә аҳаирхыхьчаратә система аиуит.