Скот Натан - Агәабзиарахьчара иалаҳҵо аинвестициақәа Қырҭтәыла ауааԥсыра мацара ракәымкәа, украинаа ацхыраара рыдгалара рылшоит
Қырҭтыла еиуеишым апроекта рынагӡара 30 шықәсатәи аҭоурых ҳамоуп, аха иахьа агәабзиарахьчара алаҳҵо аинвестициақәа Қырҭтәыла ауааԥсыра мацара акәымкәа, ақырҭуаа украинаа рганахьала аадырԥшыз ацхыраара адгылара рылшоит, – иҳәеит ЕАШ жәларбжьаратәи афинанстә ҿиара акорпорациа DFC анагӡаратә офицар хада Скот Натан.
Скот Натан Қарҭ иҟоу америкатәи агоспиталь аҿы даныҟаз ишазгәеиҭаз, аклиника гәеиҭан анапхгара ахаҭарнакцәеи аҳақьцмцәеи амедперсонали дырԥылеит. Натан иажәақәа рыла, аклиника адунеитә акласс иашьашәалоуп.
“Қарҭ иҟоу америкатә госпиталь саҭааит, ЕАШ адгылара алҵшәақәа иубарҭоуп. Ҳагентра, аҿиара афинанстә корпорациа 2014 шықәсазы ари апроект азалнахит 18 миллион доллар . Ари амедицинатә усҳәарҭа иахьа аартуп, аус ауеит, шәҩыла амедперсонал аусурҭа ҭыԥқәа рымоуп, зықьҩыла ауааԥсыра ацхыраара рзаадырԥшуеит”, – иҳәеит Скот Натан.
Қарҭ иҟоу америкатә госпитаь Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ахҵәацәа амедицинатә цхыраара рзаадырԥшуеит.