Сириа аиҳабыратә мчқәа Алеппо иалҵит, ақәгылаҩцәа ақалақь ргеит
Сириа аиҳабыратә мчқәа Алеппо иалҵит, ақәгылаҩцәа ақалақь ргеит

Сириа аиҳабыратә мчқәа Алеппо иалҵит, ақәгылаҩцәа ақалақь ргеит. Аиҿагылараан иҭахеит  300ҩык раҟара, урҭ рыгәҭа  20ҩык аҭынчуаагьы. Уажәазы ақәгылаҩцәа Алеппои, аҳаирбаҕәазеи, ааигәара иҟоу анхарҭатә пунктқәеи ирхылаҧшуеит.

Ашәахьазы ақәгылаҩцәа рпозициақәа аурыс авиациала иржәылеит.

Ахада Башар Асад ауаа ажәа риҭеит атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи аҭышәынтәалареи шихьчо азы.