«Синофарм» ала авакцинациазы арегистрациа иахьа, асааҭ 12:00 инаркны иалагоит
«Синофарм» ала авакцинациазы арегистрациа иахьа, асааҭ 12:00 инаркны иалагоит

Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, «Синофарм» ала авакцинациазы арегистрациа иахьа, ԥхынгәы 3, асааҭ 12:00 инаркны иалагоит, авакцинациа апроцесс – ԥхынгәы 5 инаркны.

Аҭаҩра ҟалоит авебдаҟьа  booking.moh.gov.ge ма ацәаҳәа ҷыда 15 22 ала.

Ԥхынгәы 2 рзы Қырҭтәыла авакцина   «Синоваки»  «Синофарми» миллион адозақәа аиуит, урҭ рҟынтә 500 000 адозақәа «Синофарм» ауп, 500 000 адозақәа – «Синовак».

Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаанырҵхаз ала, атәыла иахьаҵанакуа амобилизациа рзууп 350 рҟынӡа авакцинациатә гәыԥқәа.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, аханатә арегистрациа иалагоит авакцина Sinopharm алаҵаҟаҵаразы, анеҩс,  Sinovaс азы.