SIGA - Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциа реилагараҿ Қырҭтәыла аҽалархәра иазку ахарадҵарақәа ахәаахәҭратә аишьҭаҵақәа рыԥсахра иазку ииашам изхыццакцәоу алкаақәа ирыдҳәалоуп
SIGA - Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциа реилагараҿ Қырҭтәыла аҽалархәра иазку ахарадҵарақәа ахәаахәҭратә аишьҭаҵақәа рыԥсахра иазку ииашам изхыццакцәоу алкаақәа ирыдҳәалоуп

«Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциа реилагараҿ Қырҭтәыла аҽалархәра иазку ахарадҵарақәа ахәаахәҭратә аишьҭаҵақәа рыԥсахра иазку ииашам изхыццакцәоу алкаақәа ирыдҳәалоуп», — иануп Аглобалтә усқәа рзы Швеицариатәи аинститут  (SIGA) аҳасабырба аҿы.

Адокумент аҿы ишану ала, Урыстәыла аганахьала апрецедент змамыз асанкциақәа рыдкылара ашьҭахь Қырҭтәыла ахырхарҭала шьаҭа змам ахарадҵарақәа иуаҳауеит.

Акьыԥхь аинформациала, Украина иаҿагыланы Урыстәыла иалагаз аибашьра ашьҭахь, Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара атауареикәшара иазҳаит, аха автор идыррақәа рыла, аҭыԥ амоуп Урыстәылантә Қырҭтәылахь аалыҵ аимпорт, Қырҭтәылантә Урыстәылашҟа аекспорт аҭыԥ амам.